Мака Боҷоришвили  Британиа Ду аҳәынҭқарратә министр диацәажәеит
Мака Боҷоришвили  Британиа Ду аҳәынҭқарратә министр диацәажәеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили  Британиа Ду аҳәынҭқарратә министр Стивен Дауҭи ҭелла диацәажәеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адырра инақәыршәаны, аминистрцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәеи атәылақәа реизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит.

«Аҳәынҭқарратә министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Британиа Ду Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа ишаргәамҵуа.  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр аиҿцәажәараан иқәыргылаз азҵаарақәа инарҭбааны дрылцәажәан, Қырҭтәыла иадҳәаланы Британиа ду иаднакылаз аӡбарақәа ирыдҳәаланы агәынамӡара аалырҧшит. Арҭ аӡбарақәа иреиуп астратегиатә диалог ахырҧареи атәыла апрограмматә цхыраара аанкылареи. Аминистр ишылҳәаз ала,  Уордроптәи астратегиатә диалог аиҧыларақәа хара имгакәа еиҭалагап ҳәа дгәыҕуеит. Мака Боҷоришвили ишазгәалҭаз ала, Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа обиективла ахәшьара рыҭатәуп, уи аҵакы ду амоуп. Иара убас, лара Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәеи, урҭ рылҵшәақәеи, аоппозициаа иахьагьы инарыгӡо аполиткиатә спекулиациақәеи дырзааҭгылеит. Ақырҭуа министр даҽазнык иаҵшьны иазгәалҭеит Қырҭтәыла евроатлантаикатә ҽазышәарақәа ишрызгәыку. Иара убас, лара ишылҳәаз ала,  мраҭашәаратә партниорцәа хымҧада  Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны нарыгӡароуп», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.