Китаии Аладатәи Африкеи аполициа 1000 адоза акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҧаршеи аадырҧшит
 Китаии Аладатәи Африкеи аполициа 1000 адоза акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҧаршеи аадырҧшит

 Китаии Аладатәи Африкеи аполициа 1000 адозақәа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҧаршеи аадырҧшит. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа «Guardian».

Интерпол адыррақәа рыла,  уи «аисберг ақәцәа» мацароуп,   апандемиа аан иҧаршеиу авакцинақәеи ахәшәқәеи рыла ахәааахәҭра иаҳа амҽхак дууп.

Азинхьчаратә органқәа рдыррақәа рыла,   иҧаршеиу авакцина 2400 адозақәа  аадырҧшит Иоханнесбург иазааигәаны иҟоу ҩнык ашьҭаҵарҭаҿы. Уааҵәҟьа ирбеит иҧаршеиу асабрадақәагьы. Иаанкылоуп хҩык акитаиааи Замбиа атәылауаҩи.

Аамҭакала,  Китаигьы иҧаршеиу авакцинақәа рыла ахәаахәҭра иаҿыз  80ҩык аанкылоуп,  уаҟа аарҧшуп иҧаршеиу авакцина  3000 адозақәа.