Кир Стармер иҳәамҭала,  Британиеи Франциеи Украинеи амца аанкылара  аплан еиқәыршәаны, Дональд Трамп изцәырыргоит
Кир Стармер иҳәамҭала,  Британиеи Франциеи Украинеи амца аанкылара  аплан еиқәыршәаны, Дональд Трамп изцәырыргоит

Британиеи Франциеи Украинеи амца аанкылара  аплан еиқәыршаәны, Дональд Трамп изцәырыргоит.  Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Британиа ду аҧыза-министр Кир Стармер.

Кир Стармер иажәақәа рыла,  иацы,  иара Владимир Зеленски даниҧыла ашьҭахь,  Еммануел Макрони Дональд Трампи аҭелла драцәажәеит.

„Уажәазы ҳшеиқәшаҳаҭхаз ала,  Британиа Дуи,  даҽа тәылаки ма ҩ-тәылаки  Украина амца аанкылара аплан аус адырулоит. Анеҩс,  ари апан Америка ахада изцәыраагоит. Ашьаҿа иаша ҟаҳҵап ҳәак сгәыҕуеит,  избанзар,  ахәашаз Аҩны шкәакәаҿ иаабаз еиҭаҳбар  ҳҭахым“, – иҳәеит Стармер.