Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Михаил Саакашвили игәабзиара иадҳәаланы аомбудсмен иҟалҵаз абжьагарақәа иазҧхьагәарҭарц
Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Михаил Саакашвили игәабзиара иадҳәаланы аомбудсмен иҟалҵаз абжьагарақәа иазҧхьагәарҭарц

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟалҵеит  Михаил Саакашвили игәабзиара иадҳәаланы аомбудсмен иҟалҵаз абжьагарақәа иазҧхьагәарҭарц.

«Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа ҳаргәамҵуеит. Америка иахәҭоу амедицинатә маҵзура иҭара иақәшаҳаҭуп. Уи ауаҩы ихадаратә зинқәа иреиуп. Сара Апенитенциартә маҵзура аҳәамҭа збеит, дара ишырҳәо ала, амедицинатә цхыраара ирҭар рҭахуп, аха, иара мап ацәикуеит. Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Михаил Саакашвили игәабзиара иадҳәаланы аомбудсмен иҟалҵаз абжьагарақәа иазҧхьагәарҭарц», — илҳәеит  Келли Дегнан.