Келли Дегнан – Ҳара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит
Келли Дегнан – Ҳара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит

 

«Ҳара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ҳахшыҩ азышьҭны ҳацклаҧшуеит, иахәҭоу амедицинатә маҵзура иҭаразы ааҧхьара ҟаҳҵоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.

Лара лажәақәа рыла, жәлар рыхьчаҩ иаппарат хырҳагара злоу аусура мҩаҧнагоит.

«Ҳара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иацклаҧшуа Жәлар рыхьчаҩ иаппарат агәра ҳгоит. Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Жәлар рыхьчар иаппарат абжьагарақәа иазҧхьагәарҭарц.  Жәлар рыхьчаҩ иофис хырҳагара злоу аусура мҩаҧнагоит, Михаил Саакашвили идҳәаланы иҟарҵо абжьагарақәа рыгәра ҳгоит», — илҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ.