Каха Калаӡе — Қарҭаа рҟынтә сцәа ианыруа адгылара иҳаракны ахә сшьоит, сара ибзиаӡаны еилыскаауеит арҭ ауаа рҿаҧхьа изакәытә ҭакҧхықәроу схы иадысҵаз
«Қарҭаа рҟынтә сцәа ианыруа адгылара иҳаракны ахә сшьоит», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалтә аиҳабыра реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, алхраҧхьатәи акампаниеи алхратә процесси ҭынч имҩаҧгазароуп.
«Қарҭи уи ауааҧсыреи рҧеиҧш ҳәаақәызҵо ахаланапхгаратә алхрақәа ааигәахоит. Ҳәарада, ақалақь аҧеиҧш иаргәамҵуа ауаа зегьы арҭ алхрақәа ҵакыс ирымоу еилыркаауеит. Ишыжәдыруа еиҧш, уажәы Қарҭ ахада иҭыҧ ааныскылоит, аха, аамҭакала апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидат иаҳасабала алхраҧхьатәи акампаниа мҩаҧызгоит. Қарҭаа рҟынтә сцәа ианыруа адгылара иҳаракны ахә сшьоит, сара ибзиаӡаны еилыскаауеит арҭ ауаа рҿаҧхьа изакәытә ҭакҧхықәроу схы иадысҵаз.
Убри азоуп алхраҧхьатәи акампаниа заанаҵы ҳзалагаз. Алхыҩцәа зыҟаҵара ҳгәы иҭоу апроектқәа ирызкны инаҭбаау аинформациа рымазароуп.
Ҳара Қарҭи қарҭааи реиҷаҳареи, ари ақалақь иаҳа арҧшӡареи, зҵакы дуу апроектқәа рынагӡареи шҳалшо шьақәҳарҕәҕәеит ҳәа сгәы иаанагоит.
Алхраҧхьатәи акампаниеи алхратә процесси ҭынч имҩаҧгазароуп, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳара ҳалхыҩцәа ҳарҧылоит, проблемақәас ирымоу еилаҳкаауеит. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы арҭ апроблемақәа рыӡбаразы иҟаҵатәу азы ҳрацәажәоит».