Қарҭ акультуратә ҭынхара ахьчара азонаҿ иажәхьоу ахыбрақәа раахәара апрограмма ҿыц иалагеит
Қарҭ акультуратә ҭынхара ахьчара азонаҿ иажәхьоу ахыбрақәа раахәара апрограмма ҿыц иалагеит, уаҟа заанаҵтәи аҭагылазаашьақәа иазҧхьагәаҭоуп , — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитет аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, акультуратә ҭынхара ахьчара азонаҿ иҟоу, зҭагылазаашьа цәгьоу аҩнқәа ирыҩноу ауааҧсыра, аинвестор изымҧшкәа, дара рхала рынхарҭаҩнқәа ирызку аӡбарақәа рыдыркылар рылшоит.
«Қарҭаа даҽа программак рыдаагалар ҳҭахуп. Уи акультуратә ҭынхара азонаҿ иҟоу, зҭагылазаашьа цәгьоу аҩнқәа раахәара иадҳәалоуп. Аргыларатә процесс иазыҧшыр зҭахым атәылауаа иҟоуп, рыҩнқәа ирласӡаны ирҭиир рҭахуп. Зыӡбахәы ҳәоу апрограмма ари апроцессаҿ ирыцхраауеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада апрограмма алахәызааразы хымҧадатәи акритериқәа еиқәиҧхьаӡеит.
«Ауадақәа рацәа змоу анхарҭатә ҩны иамоу аҧхасҭа V ма IV акатегориа иашьашәалазароуп; аконкреттә уадақәа зҭиир зҭаху ауаҩы егьырҭ аҧшәмацәа рҟынтә ақәшаҳаҭра имазароуп; иҧхасҭоу аконкреттә хыбра арбгара апроцесс акәша-мыкәша иҟоу адгьылҭықәа рҿы иҟоу аргыламҭақәа ҧырхага рзаанамгароуп», — иҳәеит Калаӡе.
Қарҭ ахада иҳәамҭала, зыҭира ҟало аҵакыра ахә шьақәнаргылоит Леван Самхараули ихьӡ зху Аӡбаратә експертиза амилаҭтә биуро.