Каха Калаӡе - Атәылаҿы аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара аҽазкра аӡәы ианарыжьуам, ацәгьаура ҟазҵаз ауаа зегьы аҭакҧхықәры рыдырҵоит
Атәылаҿы аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара аҽазкра аӡәы ианарыжьуам, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Калаӡе иажәақәа рыла, ацәгьаура ҟазҵаз ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдырҵоит.
«Жьҭаара 4нӡа мызқәак шагыз аҳәара ҳаҿын арҭ ауаа, амчыларатә гәыҧқәа аҳәынҭқарратә аарҳәра шеиҿыркаауаз. Жьҭаара 4 рзы ари ахықәкы анагӡара иалагеит. Аҳәынҭқарратә органқәа закәан инақәыршәаны рхы мҩаҧыргон, дара аҳәынҭқарратә аарҳәра аҽазкра аҧыхра рылшеит. Ари аус азы аусеилыргара мҩаҧысуеит. Иацы Бачо Ахалаиа дааныркылеит.
Аҧыза-министр изныкымкәа ааҧхьара ҟаиҵахьан дара азакәан еиларымгарц. Атәылаҿы аҳәынҭқарратә аарҳәра аиҿкаара аҽазкра аӡәы ианарыжьуам, ацәгьаура ҟазҵаз ауаа зегьы аҭакҧхықәры рыдырҵоит», – иҳәеит Калаӡе.