Атрамваитә цәаҳәа апроект аҟаҵареи ацәаҳәа аргылареи азы арзаҳалқәа аларҵеит 4 еилахәырак 
Атрамваитә цәаҳәа апроект аҟаҵареи ацәаҳәа аргылареи азы арзаҳалқәа аларҵеит 4 еилахәырак 

Атрамваитә цәаҳәа иадҳәаланы Қарҭтәи атранспорттә еилахәыра ирыланаҳәаз атендер хыркәшоуп. Атрамваитә цәаҳәа апроект аҟаҵареи ацәаҳәа аргылареи азы арзаҳалқәа аларҵеит аҳәаанырцәтәи  4 еилахәырак, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Атендер иацы ихыркәшан. Арзаҳалқәа алазҵаз аилахәырақәа зегьы абри аҩыза апроектқәа рымҩаҧгараҿы  аҧышәа ду рымоуп. Дара ицәырыргаз адокументациа шьаҭанкыла аҭҵаара ҳаҿуп. Анеҩс,  аиааира зго аилахәыра ааҳарҧшуеит.

Атрамваитә цәаҳәа 7,5 км аура амазаауеит, 11 аангыларҭақәа еҿкаахоит.  Ари ацәаҳәа Диҕоми Дуи аметростанциа Дидубеи еиднаҳәалоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.

Иара иажәақәа рыла, ари апроект аҧара азоушьҭуп аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә. Аргыларатә усурақәа   36 мза инагӡахоит.