Каха Калаӡе  – Азербаиџьан жәлар рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи ҳазыразуп 
Каха Калаӡе  – Азербаиџьан жәлар рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи ҳазыразуп 

Азерабаиџьан ахада Ильҳам Алиеви иҧҳәыси Азербаиџьан ҧасатәи ахада Геидар Алиев абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Алиев ихьӡ зху асквераҿ дара дырҧылеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Азербаиџьан  — ҳстратегиатә партниоруп. Акыршықәса ирылагӡаны ҳтәылақәа ирыбжьоу  аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы аҵакы ду рымоуп. Ахада Алиев ивизитгьы аҵакы ду амоуп, ҷыдала Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа раан.

Ҳрегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Ҳәарада, Азербаиџьан жәлар рҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи ҳазыразуп», — иҳәеит  Каха Калаӡе.