Каха Калаӡе - Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазку аиҧыларақәа мҩаҧган, апроцесс иалагеит, ҳара уи ҳазыхиоуп
Қарҭ ахада Каха Калаӡеи иҳәамҭала, Америкаҟны астратегиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазку аиҧыларақәа мҩаҧысуеит.
«Сара адәныҟатәи аусқәа рминистр сылмацәажәацт, аха, ҳпозициа еилкаауп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара изныкымкәа аргама иҳҳәахьеит астратегиатә партниорра аиҭашьақәыргылара ҳшазыхиоу, избанзар, ахада Баиден иадминистрациа ахаан имҩаҧысуаз ахҭысқәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирышьашәаламызт. Дара Қырҭтәыла ииашамкәа ишазныҟәоз шәгәалашәоит. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит ахада Трамп иҳәаақәиҵаз априоритетқәа ҳашрықәшаҳаҭу. Иҟало ҳбап. Апроцесс иалагахьеит, аиҧыларақәа мҩаҧгоуп. Ҳара уи ҳазыхиоуп», — заявил Каха Каладзе.