Аҳҭнықалақьаҿ авандализм афактқәа ирыдҳәаланы азинтә нормақәа рыхьчаразы ахылаҧшра дырҕәҕәоит
«Амуниципалитет инаваргыланы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррагьы авандализм аҿагыларазы аус ауеит, абри аҩыза афактқәа рзы азинтә нормақәа рымҩаҧгара ахылаҧшра иаҳа иҕәҕәахоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитет аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, ари ахырхарҭа иазку азакәан уаанӡагьы иҟан, аха, уи ақәныҟәара аганахьала апроблемақәа иҟан.
«Ақалақьаҿ уезгьы апроблемақәа рацәоуп, аха, уи аамҭазы, атәылауаа рыхәҭак, хықәкыла, ахыбрақәа рфасадқәа ҧхасҭартәоит. Авандализм афактқәа рацәахеит. Ахыбрақәа, акультуратә ҭынха абаҟақәа, аметростанциақәа рҭыҵырҭақәа уҳәа, иҧхасҭоу афасадқәа рацәоуп. Ари ахырхарҭала уаанаӡагьы азакәан иҟан, аха, уажәы, ҳара апарламентахь аҳәара ҟаҳҵоит ари азакән иаҳа арџьбаразы. Авандализм алҵшәақәа раҧыхразы жәабала амиллион лари аҭахуп, — уи шәара шәҧароуп, абиуџьет аҟынтә иныхтәуп, ари аҧара иаҳа зҵакы дуу апроблемақәа рыӡбаразы ҳхы иаҳархәар ҳалшон», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада «Қарҭ амуниципалтә инспекциа» анапхгаҩы Гоги Чиқовaни идиҵеит ари ахырхарҭа хшыҩзышьҭра ду азиурц.