Каха Калаӡе - Иахьа уажәраанӡа маӡала аибашьра ҳадарҵалон, аха уажәы Ҳерчински иаартны аиҿагылара далацәажәоит, ақырҭуааи ҳҳәынҭқарреи дрықәмақаруеит, убри аҟынтә, иара аӡбарахь днаганы, азҵаарақәа иҭатәуп 
Каха Калаӡе - Иахьа уажәраанӡа маӡала аибашьра ҳадарҵалон, аха уажәы Ҳерчински иаартны аиҿагылара далацәажәоит, ақырҭуааи ҳҳәынҭқарреи дрықәмақаруеит, убри аҟынтә, иара аӡбарахь днаганы, азҵаарақәа иҭатәуп 

«Узыргәамҵша аҳәамҭа ҟаиҵеит  — аибашьреи атәылауаҩратә аиҿагылареи далацәажәон», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Каха Калаӡе  ажурналистцәа данрацәажәоз ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, уи аҧшәмацәа ракәымкәа, апартниорцәа роуп иаҭаху.

«Узыргәамҵша аҳәамҭа ҟаиҵеит  — аибашьреи атәылауаҩратә аиҿагылареи далацәажәон. Уи азыӡырҩра уадаҩуп.  Иахьа уажәраанӡа маӡала аибашьра ҳадарҵалон, аха уажәы Ҳерчински иаартны аиҿагылара далацәажәоит, ақырҭуааи ҳҳәынҭқарреи дрықәмақаруеит, убри аҟынтә, иара аӡбарахь днаганы, азҵаарақәа иҭатәуп. Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп. Аӡәы  “ҳхы дасыр” иҭахызар, дара ишырҭаху ҳанхалар рҭахыза, уи зыҟалом.  Зегьы ибзианы еилыркаароуп – Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, уи аҧшәмацәа ракәымкәа, аҩызцәеи апартниорцәеи роуп иаҭаху. Уаанӡа адҵақәа зырҭоз урырҭалааит. Ҳара ҳҿы ус зыҟалом,   избанзар, ҳара атәылеи ақырҭуа жәлари мацара ритересқәа ҳахьчоит», — иҳәеит  Калаӡе.