Каха Калаӡе  - Ацәымҕаратә кампаниа ҳзақәшаҳаҭхом, бзиа шәеибабалароуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, аха, апатуқәҵара ҳабжьазароуп
Каха Калаӡе  - Ацәымҕаратә кампаниа ҳзақәшаҳаҭхом, бзиа шәеибабалароуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, аха, апатуқәҵара ҳабжьазароуп

«Ҳполитикатә хәаҧшырақәа еиҧшымзаргьы, хьымӡҕыла аицәажәара ҳахәҭам», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Кахи Калаӡе иажәақәа рыла, ираҳауа зегьы иааҧҵәаны изақәшаҳаҭхом, уи хықәкыла имҩаҧысуа кампаниоуп.

«Ҳполитикатә хәаҧшырақәа еиҧшымзар ҟалоит, еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы ҳҳәатәы еиқәымшәозар ауеит, аха, уи иаанагом ҳара, ҳаиҿагыланы, хьымӡҕыла ҳаицәажәароуп ҳәа.  Аилибакаара ҳахәҭоуп, ҳара ҳполитикцәоуп,  бзиа шәеибабалароуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, аха, апатуқәҵара ҳабжьазароуп», — иҳәеит  Каха Калаӡе.