Иракли Кобахиӡе Сагареџьои Бадиаурии еимыздо автомагистраль аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит 
Иракли Кобахиӡе Сагареџьои Бадиаурии еимыздо автомагистраль аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Сагареџьои Бадиаурии еимыздо автомагистраль аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит.
Имҩаҧысуа аусурақәа ирызкны аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит Аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡе.

Кахеҭи амагистральтә мҩа иаҵанакәа Сагареџьо-Бадиаури 17 километртәи ацыҧҵәахаҿы уажәазы адгьылтә усурақәа мҩаҧысуеит, амҩа ашьаҭа аиҿкаареи, акоммуникациақәеи арҧссаратә системақәеи рыргылареи, аиха-бетонтә ахымынџьқәеи аиха-бетонтә аӡымҩангагақәеи, адгьылаҵантәи аиасырҭақәеи реиҿкаареи иаҿуп.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, атранспорттә аҭыҧхадаҿы, Бадиаури ақыҭа иазааигәаны, 4 ацҳаки,  8 амҩамҩангагақәеи,  86 аӡымҩангагақәеи рыргылара иаҿуп.

Сагареџьо-Бадиаури 4 цәаҳәактәи автомобилтә мҩа ацыҧҵәаха Кахеҭи автомагистраль лас иаҵанакуеит. Амагистраль аргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, зҵакы дуу, 35 километр иаҟароу ацыҧҵәахақәа зегьы рҿы аргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Сагареџьо-Бадиаури 17 километртәи ацыҧҵәаха дыргылоит Адунеи абанк афинанстә цхыраарала. Апроект иазоушьҭуп  276.7 миллион лари.

Аҧыза-министр ицны автомагистраль аргыларатә усурақәа рбеит аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аҵара аминистр Гиви Миқанаӡеи, азакәанҧҵаратә мчра ахаҭарнакцәеи.