Иракли Кобахиӡе  - Ҳара даҽазнык иааҳарҧшит аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳшазыхиоу, аҭак ҳазыҧшуп, америатә администрациа иҟарҵо ҳбап
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара даҽазнык иааҳарҧшит аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳшазыхиоу, аҭак ҳазыҧшуп, америатә администрациа иҟарҵо ҳбап

«Ҳара даҽазнык иааҳарҧшит аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳшазыхиоу, аҭак ҳазыҧшуп, америатә администрациа иҟарҵо ҳбап», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе «MEGOBARI act» иадҳәаланы апарламент иаднакылаз аҳәамҭа иазкны ажурналистцәа ианиазҵаа.

«Апарламентаҿ абри апроект ацәыргара сақәгәырҕьеит, араагьы ҳпозициа аарҧшуп.  Ҳара даҽазнык иааҳарҧшит аизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра ҳшазыхиоу, аҭак ҳазыҧшуп, америатә администрациа иҟарҵо ҳбап», — иҳәеит аҧыза-министр.

Лаҵара 14 рзы Қырҭтәыла апарламент  «MEGOBARI акта» иадҳәаланы аҳәамҭа аднакылеит.