Иракли Кобахиӡе аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәа дырҧыланы, аспорт ареформеи Қарҭ астадион ҿыц аконцепциеи иазкны драцәажәеит
Атәыла зехьынџьара аспорттә инфраструктура аҿиара ацхраареи аҳҭнықалақьаҿ астадион ҿыц аконцепциеи иалацәажәеит Михаил Месхьи ихьӡ зху астадионаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы. Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инаиваргыланы, аиҧылара рхы аладырхәит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡеи, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, арегионалатә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи.
70 000ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭахо, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалахо афункциарацәатә стадион ақалақь амҵан идыргылоит, уаҟа зранг ҳараку ашьапылампылтә турнирқәеи аребги азы атурнирқәеи рымҩаҧгара ҟалоит, абарҭ аспорт хкқәа рзы иҵегьы аинвестициақәа рыдаҧхьалара алшара цәырҵуеит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, астадион ҿыц амультифункциатә азкызаара амазаауеит, уаҟа аконцерттәи аконвенциатәи қәыҧшыларақәа еиҿкаахоит, уи абзоурала, атәыла иаҳа ирацәаны атуристцәа рыдаҧхьалара алшоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, астадион аконцепциа аус адулараан аспорттә уаажәларра ргәаанагара аҵакы ҷыда анашьоуп, ари аиҧыларагьы убри ауп изызку.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу апроект аҳҭықалақь азгьы, инеизакны атәылазгьы аимиџьтә ҟазшьа амоуп, уи аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, атәыла, Ачемпионцәа рлига афинал амҩаҧгаразы азыҳәамҭа ҟанаҵеит.
Астадион аргылара иадҳәаланы аиҳабыра аконсультациақәа рзымҩаҧнагоит голландиатәи аилахәыра. Астадион аконцепциа аҧҵара апроцесс иалахәуп УЕФА аеқспертцәа.
Убри адагьы, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан атәыла зехьынџьара аспорттә инфраструктура аҿиара аҵаки ари ахырхарҭала инарыгӡараны иҟоу апроектқәеи. Аиҳабыра 40 иреиҳаны амуниципалитетқәа рҿы аспорттә инфраструктура арҿиареи астадион ҿыцқәа рыргылареи ргәы иҭоуп.