Иракли Кобахиӡе – Апатриоттә цәаныррақәа рышьҭыхреи ахатә тәыла азгәдуреи ауп раҧхьа иргыланы ҳтәыла арҕәҕәаразы иаҭаху
Иракли Кобахиӡе – Апатриоттә цәаныррақәа рышьҭыхреи ахатә тәыла азгәдуреи ауп раҧхьа иргыланы ҳтәыла арҕәҕәаразы иаҭаху

Ҳуааҧсыра рыгәҭа апатриоттә цәаныррақәа рышьҭыхреи ахатә тәыла азгәдуреи ауп раҧхьа иргыланы ҳтәыла арҕәҕәаразы иаҭаху,   „Арратә лагер“ апроект ари ахықәкы нанагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  „Арратә лагер“ аартра инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  1 700ҩык аҿар арратә ҧсҭазаара аҷыдарақәеи аҧҟарақәеи еилыркаар рылшоит.

„Ари апроект аҵакы ду амоуп, шәара, – 1 700ҩык аҿар,  арратә ҧсҭазаара аҷыдарақәеи аҧҟарақәеи еилышәкаар шәылшоит,  шәаргьы,  аамҭак иалагӡаны,  абра, абарҭ аҧҟарақәа шәрықәныҟәоит,  агәра ганы сыҟоуп абарҭ амшқәа хырҳагара ду шышәзаарго. Абарҭ фымш қәҿиарала,  гәахәарала рымҩаҧгара шәзеиҕьасшьоит. Зегьы реиҳа ихадоу,  ари алагер ацәанырра дуқәа шәызцәырнагароуп,  абри ауп ҳпроект зызку,  ҳтәылауаа, ҳуааҧсыра,   ҳҿар рыгәҭа апатриоттә цәаныррақәа иаҳа иҕәҕәахар ҳҭахуп.  Апатриоттә цәаныррақәа рышьҭыхреи ахатә тәыла азгәдуреи ауп раҧхьа иргыланы ҳтәыла арҕәҕәаразы иаҭаху, абри апроектгьы абарҭ амшқәагьы ари ахықәкы анагӡара иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.