Иракли Кобахиӡе Аладатәи Кореиа иҟалаз авиаамашәыр иадҳәаланы Кореиа жәлар дрыдашшылеит
Иракли Кобахиӡе Аладатәи Кореиа иҟалаз авиаамашәыр иадҳәаланы Кореиа жәлар дрыдашшылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аладатәи Кореиа, Муантәи аҳаирбаҕәазаҿ   Jeju Air  аҳаирплан  изықәшәаз авиаамашәыр иадҳәаланы Кореиа жәлар дрыдашшылеит.

„Иҭахаз ауаа рҭаацәарақәа ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла аиҳабыреи рыхьӡала, гәыкала срыдашшылоит.

Абри иуадаҩӡоу аамҭазы Қырҭтәыла Аладатәи Кореиа иадгылоит, Кореиа жәлар ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит”,- иҩит Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳа X аҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу аҳаирплан Аладатәи Кореиа, Муантәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ иантәоз, амашәыр иақәшәеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 176ҩык. Авиаамашәыр ҟалеит аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  09:00 рзы. Аҳаирплан иақәтәан  181ҩык.