Иракли Ҕарибашвили – Аӡаҵантәи афымцамҩангага апроект  Евроеидгылеи Аахыҵ Кавкази рыбжьара атранзиттәи ахәаахәҭратәи алшарақәа азнарҳауеит
Иракли Ҕарибашвили – Аӡаҵантәи афымцамҩангага апроект  Евроеидгылеи Аахыҵ Кавкази рыбжьара атранзиттәи ахәаахәҭратәи алшарақәа азнарҳауеит

Агеополитикатә ҭыҧ абзоурала, Қырҭтәыла, Мрҭашәареи Мрагылареи еимыздо ацҳас, иара убас,  амшын ашҟа аҭыҵырҭа змам Аахыҵ Кавкази Ацентртә Азиеи аа-тәылак рзы агәашәс  иҟалеит, уи  Евроеидгыла ахсаалаҿы крызҵазкәа ҭыҧуп атранспорттә маршрутқәа рдиверсификациеи Европаҟа аенергоресурсқәа рнагареи аконтекст аҿы, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Румынтәыла, уаҟа иара апленартә аилатәара  — «Аенергиа иаҵәа арҿиареи ахархәареи азы астратегиатә партниорра» далахәып.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, уажәазы иҟоу агеополитикатә проблемақәеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи лабҿаба аадырҧшит  аенергетикатә шәарҭадара аусхкы аҿы адиверсификациеи аҭышәынтәалареи зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа ишреиу.

«Шықәсқәак раҧхьа, Қырҭтәыла аинициативала,  авольтҳарактәи аӡаҵантәи афымцамҩангага ала  Кавказтәи арегиони Европеи реимадара иазку апроект аус адулара иалагеит. Иахьа, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Венгриеи рыбжьара афымца иаҵәа арҿиареи амҩангареи аҿы аусеицура иазку апроект анапаҵаҩрала, ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит аенергиа иаҵәа амҩангаразы аусеицура ҳшазыхиоу.

Шәара ибзианы ижәдыруеит Қырҭтәыла  зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рыла имцху аенергиа ааглыхра аганахьала апотенциал ду шамоу, ари аенергиа агәылара иҟоу атәылақәа рахь анагара ҳалшоит.  Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель аперспектива ду ҳнаҭоит.  Зыӡбахәы ҳәоу апроект зырҿыцра ҟало аенергохыҵхырҭақәа рырҿиара иацхраауеит, иара убас, Евроеидгылеи Аахыҵ Кавкази рыбжьара атранзиттәии ахәаахәҭратәии алшарақәа азнарҳауеит.  Абри апроект анагӡара абзоурала, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи, Азербаиџьани, Венгриеи рфымцамҩангагатә цәаҳәақәеи асистемақәеи еидҵаны, Европа, Қырҭтәыла мацараҿ акәымкәа, Аахыҵ Кавказ зегьы аҟны аимадара шьақәнаргылоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.