Гиули Аласаниа -  Михаил Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟьа ииагара ауп ахадаратә ҵакы змоу
Гиули Аласаниа -  Михаил Саакашвили ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟьа ииагара ауп ахадаратә ҵакы змоу

Игәабзира аҭагылазаашьа зеиҧшроу сыздырӡом, избанзар, дысзыбом, аиҭаҵра ицәыуадаҩуп, — илҳәеит ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа.

Лара лажәақәа рыла, Михаил Саакашвили  ахәышәтәразы аҳәаанырцәҟьа  дыргап ҳәа дгәыҕуеит.

«Миша изкны изакәызаалак информациак сымам. Иара иахь снарышьҭуам. Алеи-ҩеиразы мап шикыз здыруеит, избанзар ари апроцедура уадаҩуп, амҩан дзықәшәо аӡәгьы издырӡом. Иаҳҳәап, уажәааны идукат иқәлеит.  Ахәышәтәразы аҳәаанырцәҟьа дыргароуп, абри ауп ихадоу, избанзар, аҳақьымцәа ишырҳәаз ала, Қырҭтәылаҿ ари ачымазара рзырыхәшәтәуам», — илҳәеит Гиули Аласаниа.