Гиули Аласаниа Гьаргь Чалаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны  - Уи ақәмақарра акәӡам, уи алабҿабара аарҧшроуп
Гиули Аласаниа Гьаргь Чалаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа иазкны  - Уи ақәмақарра акәӡам, уи алабҿабара аарҧшроуп

 

Уажтәи аҭагылазаашьа аҧсазра иацхрааша аформақәа зегьы ҳрықәшаҳаҭуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иан Гиули Аласаниа   «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь Чалаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Аилаҩынтәреи амчылареи алҵшәа ахылҵуама ҳәа ажурналист илиҭаз азҵаара аҭак аныҟалҵоз Гиули Аласаниа илҳәеит: : «Алҵшәа зхылҵуа сыздырӡом, аха, алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп,  уи ауаа роуп изхьыҧшу, алабҿабара шырбо ауп изхьыҧшу».

Чалаӡе дызлацәажәоз ҟалашьа амоума ҳәа ианлазҵаа, лара ааи ҳәа аҭак ҟалҵеит.

«Ҳәарада, ҟалашьа амоуп. Уи ақәмақарра акәӡам, уи алабҿабара аарҧшроуп, Чалаӡеи аҭагылазаашьа шыҟоуҵәҟьа иҳәеит», — илҳәеит Аласаниа.

«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Гьаргь Чалаӡе ишиҳәаз ала, анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» адәахьы аибашьра иалагар рҭахымзар, Михаил Саакашвили изҵаара ишахәҭоу еиҧш ирыӡбароуп.  «Уи ақәмақарроуп. Михаил Саакашвили дыҧсыр, адәахьы аибашьра ҟалоит. Ахада Саакашвили идгылаҩцәа ҕәҕәоуп, ирацәоуп», — мҳәеит Чалаӡе.