"Европа жәлар рпартиа" Еврокомиссиа ахада иҭыԥ ахь Урсула фон дер Лаиен лкандидатура адгылеит
"Европа жәлар рпартиа" Еврокомиссиа ахада иҭыԥ ахь Урсула фон дер Лаиен лкандидатура адгылеит

Евроеидгыла аԥхьагыларатә политикатә мчы “”Европа жәлар рпартиа” Еврокомиссиа ахада иҭыԥ ахь Урсула фон дер Лаиен лкандидатура адгылеит. Лаиен апартиа аҟынтә акандидат заҵәык лакәын.

Урсула фон дер Лаиен Евроеидгыла ааԥхьарақәа рыбжьара Украина ицо аибашьреи, Газа иҟоу акризиси дрыхцәажәеит.

Бухарест имҩаԥгаз апартиа аизара ду аҿы маҿалатәи аҵәҭаԥсара мҩаԥган, Лаиен илыдгылеит 400-ҩык аделегатцәа, илҿагылеит 89-ҩык.

„Абра, Путин иҩызцәа, ҳҭоурых иҿыцны аҩреи ҳԥеиԥш аӷьычреи рҭахуп. Аклавиатура ашьҭахь зҿызҵәахуа ахаҿқәа ацәымӷара аларҵәара иаҿуп. Иаку иҭынчу ҳ-Европа апопулистцәеи, анационалистцәеи, адемоагогцәеи ирҿагылоит”, -илҳәеит Урсула фон дер Лаиен данықәгылоз.

Европарламент ахь алхрақәа рашәара алагамҭазы мҩаԥгахоит.