Еврокомиссиаҿы ишырҳәаз ала, абжьагарақәа рҿы иқәыргылоу азҵаарақәа рыӡбаразы Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа ирзыҧшуп
«Қырҭтәыла анапхгара ҧхынгәы азы Еврокомиссиантә ироуз ашәҟәы аҭак шарҭаз шьақәсырҕәҕәоит. Ҳара ари ашәҟәы ҳахәаҧшуеит. Еврокомиссиаҿы ишырҳәаз ала, абжьагарақәа рҿы иқәыргылоу азҵаарақәа рыӡбаразы Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә аконкреттә шьаҿақәа ирзыҧшуп», — иҳәеит Еврокомиссиа аофициалтә хаҭарнак Маркус Ламмерт.
Иара иажәақәа рыла, «атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа рбанктә хыҧхьаӡарақәа рырҵаара — адемократиа иаҿагыло даҽа шьаҿак ауп».
«Иҳаҩсыз амчыбжь азы Қырҭтәыла анапхгра адемократиа иаҿагыло даҽа шьаҿак ҟарҵеит, атәылауаҩратә уаажәларра ихьыҧшым аиҿкаарақәа рбанктә хыҧхьаӡарақәа дырҵааит. Уи ахадаратә зинқәа реилагареи аӡбаратә система арепрессиақәа рзы ахархәареи ауп. Евроеидгыла Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵоит зыҧшра ҟамҵакәа ари аӡбара иаҧырхырц», — иҳәеит Маркус Ламмерт.