Европарламент  Урсула фон дер Лаиен анапхгара ззылуа Еврокомиссиа аилазаара ҿыц иадгылеит
Европарламент  Урсула фон дер Лаиен анапхгара ззылуа Еврокомиссиа аилазаара ҿыц иадгылеит

Европарламент  Урсула фон дер Лаиен анапхгара ззылуа Еврокомиссиа аилазаара ҿыц иадгылеит.

Еврокомиссиа аилазаара ҿыц азинмчқәа ҿыц рынагӡара иалагоит ҧхынҷкәын 1 инаркны.

Урсула фон дер Лаиен аҩынтәраан  Еврокомиссиа ахадас дҟалоит.

Оливер Варҳеи ицынхәрас арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссарс дҟалоит  Марта Кос. Варҳеи агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы еврокомиссар иҭыҧ ааникылоит. Жозеп Баррель ицынхәрас адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы еврокомиссарс дҟарҵеит Естониа ҧасатәи аҧыза-министр  Каиа Каллас.