Европарламент  «Қырҭтәыла АИХқәа рхақәиҭра, ҷыдала Мзиа Амаҕлобели лус» захьӡу арезолиуциа аднакылеит
Европарламент  «Қырҭтәыла АИХқәа рхақәиҭра, ҷыдала Мзиа Амаҕлобели лус» захьӡу арезолиуциа аднакылеит

Европарламент  «Қырҭтәыла АИХқәа рхақәиҭра, ҷыдала Мзиа Амаҕлобели лус» захьӡу арезолиуциа аднакылеит.

Арезолиуциа ишану ала, уи авторцәа ажурналист Мзиа Амаҕлобели зыҧшра ҟамҵакәа лхақәиҭтәреи ахарадҵарақәа зегьы лықәхреи иаҳәоит.

Иара убас, адокумент аҿы иазгәаҭоуп «арепрессиатә закәанҧҵара зегьы зыҧшра ҟамҵакәа аҧыхра ахымҧадара».

Лымкаала, Европарламент:

  • ажурналист Мзиа Амаҕлобели зыҧшра ҟамҵакәа лхақәиҭтәреи ахарадҵарақәа зегьы лықәхреи иаҳәоит;
  • аполитикатә ашьаҭала уи лаанкылареи лара лзы ашьауҕәатә ашьҭацалареи иақәыӡбоит;
  •  «Ақырҭуа гәахәтәы» арежим адемократиатә институтқәеи,  аполитикатә оппозициеи,  ихьыҧшым АИХқәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, аӡбара ахьыҧшымреи рганахьала еиҧҟьарада имҩаҧырго ажәыларақәа ирықәыӡбоит;
  • хатәгәаҧхарала ажурналистцәа раанкылареи, рышьҭацалареи, адискредитациатә кампаниақәеи, аиуристтә ақәыҕәҕәареи, агендертә амчылареи ирыдҳәаланы агәамҵра ду аанарҧшуеит;
  • ихьыҧшым аусеилыргара амҩаҧгареи, иара убас,  ажурналистцәа рыршәара зыҧшра ҟамҵакәа аҟәыҵреи, дара ршәарҭадареи рхақәиҭреи аиқәыршәареи азы ааҧхьара ҟанаҵоит;
  •  аполитикатә баандаҩцәа зегьы, иара убас, закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра зегьы зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәра иаҳәоит, зыӡбахәы ҳәоу ауаа иреиуп  активист  Маҭе Девиӡеи, аоппозициатә лидерцәа  Зураб Џьаҧариӡеи,   Ника Мелиеи, Ники Гварамиеи, ҧасатәи ахада Михаил Саакашвилии;
  • «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ҭина Бокучава лхаҵа имҵарсреи дареи рхылҵи рықәмақарреи иақәыӡбоит;
  • арепрессивтә закәанҧҵара аҧыхреи, адемократиа аиҭашьақәыргылареи, АИХқәа рхақәиҭреи атәылауаҩратә хақәиҭрақәеи рыхьчареи иаҳәоит;
  • Евроеидгылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла ихьыҧшым АИХқәеи атәылауаҩратә уаажәларреи рыдгылара дырҕәҕәарц, уажәы имҩаҧысуа аӡбаратә процессқәа ирыцклаҧшларц;
  • агәынамӡара ду аанарҧшуеит Евроеидгыла Ахеилаки, уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи, Еврокомиссиеи ари аганахьала акгьы ахьыҟарымҵо азы;
  • Евроеидгыла иалоу атәылақәа рахь даҽазнык ааҧхьара ҟанаҵоит адемократиатә мҩа аныҵразы аҭак зыҧхықәу  «Ақырҭуа гәахәтәы» алидерцәа ҩ-ганктәи асанкциақәа рзышьақәдыргыларц;

Европарламент ахада инапы ианырҵеит ари арезолиуциа Евроеидгыла Ахеилаки, Еврокомиссиеи, Евроеидгыла иалоу атәылақәа реиҳабырақәеи рпарламентқәеи, Европа Ахеилаки, ОБСЕи, ахада Саломе Зурабишвилии, Қырҭтәыла де-факто анапхгареи рыздәықәҵара.