Еврокомиссиа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  «Атәым анырра аартызаареи», «Аҭаацәаратә принципқәеи» ирызку азакәанқәа раҧыхреи LGBTIQ ахаҭарнакцәа рзинқәа рыхьчара аиқәыршәареи азы
Еврокомиссиа Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟанаҵеит  «Атәым анырра аартызаареи», «Аҭаацәаратә принципқәеи» ирызку азакәанқәа раҧыхреи LGBTIQ ахаҭарнакцәа рзинқәа рыхьчара аиқәыршәареи азы

Еврокомиссиа Адиректорат хада Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминситр Мака Боҷоришвили ашәҟәы лзаанашьҭит.

Ашәҟәы аҟны Адәныҟатәи аусқәеи амиграциеи рзы аусбарҭа хада аҳәара ҟанаҵоит ақырҭуа аган Еврокомиссиа иазцәырыргарц абжьагарақәа рынагӡара иазку ирҿыцу аинформациа.

Иара убас,  ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала,  Акомиссиа абжьагарақәа рынагӡара ахәшьара анаҭоит Авизадатә режим аанкылара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟарҵо анеҩстәи ажәахә аҿы.

«2017 шықәса инаркны Қырҭтәыла авизадатә режим амоуп. Авизадатә аныҟәарақәа Евроеидгылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылоит. Еврокомиссиа авизатә либерализациа аҳәарақәа рықәныҟәара иазку инарҭбаау ахәшьара цәырнагоит.   2024 шықәса ҧхынҷкәын фба рзы,  Еврокомиссиа авизадатә режим аанкылара иазку абыжьбатәи аҳасабырба аднакылеит. Аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла ахадаратә зинқәеи ахақәиҭрақәеи шеилагоу,  уи европатәии жәларбжьаратәи астандартқәа ишрышьашәалам.  Убри аҟынтә,  Акомиссиа абжьагара ҟанаҵеит «Атәым анырра аартызаареи», «Аҭаацәаратә принципқәеи» ирызку азакәанқәа раҧыхреи LGBTIQ ахаҭарнакцәа рзинқәа рыхьчара аиқәыршәареи азы

Шәеиҳабыра абри ахырхарҭала акгьы ҟарымҵеит, убри аҟынтә,  2025 шықәса ажьырныҳәазы, Евроеидгыла аӡбара аднакылеит Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рыбжьара авизатә режим армариара иазку аиқәшаҳаҭра хәҭала аанкыларазы. Убри анеҩс, Евроеидгыла иалоу 12 ҳәынҭқаррақәа адипломатиатә паспортқәа змоу Қырҭтәыла атәылауаа авизатә режим рзышьақәдыргылеит.

Ҳара ҳшәыҳәар ҳҭахуп хыхь зыӡбахәы ҳәоу абжьагарақәа рынагӡара иазку ирҿыцу аинформациа ҳазцәырыжәгарц. Ари ахырхарҭала акгьы ҟашәымҵацзар, Акомиссиа абжьагарақәа рҿы иазгәаҭоу апроблемақәа рҭыҧқәҵаразы иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟашәҵарц.

Қырҭтәыла анапхгара аконструктивтә аҭак ҟаҵаны, Акомиссиа абжьагарақәа рынагӡаразы иаҭаху ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит. Акомиссиа абжьагарақәа рынагӡара ахәшьара анаҭоит Авизадатә режим аанкылара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟарҵо анеҩстәи ажәахә аҿы.

Ари ахәшьара ашьаҭала, абжьагарақәа намгӡахар, Акомиссиа иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит, авизадатә режим аанкылара амеханизм ахархәарагьы уахь иналаҵаны», — иануп Еврокомиссиа Адиректорат хада ашәҟәы аҟны.