Евроеидгыла атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 11-тәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит
Евроеидгыла атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 11-тәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит

Евроеидгыла атәылақәа еснагьтәи рхаҭарнакцәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа 11-тәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит. Ари атәы аанацҳаит   «Еврониус».

Асанкциақәа апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп уаанӡа ишьақәыргылаз асанкциақәа рывсразы ахьырхәратә уснагӡатәқәеи, иара убас, ахаҿқәа ҿыци аиҿкаарақәа ҿыци рзы асанкциақәеи.

АИХ адыррала, асиа еиқәа иалагалоуп даҽа  71ҩык ахаҿқәеи  30 аиаҿкаарақәеи. Иара убас, урыстәылатәи автофургонқәа Евроеидгыла аҳәаа ахысра азин рымхуп, анефтмҩангага   «Дружба» аладатәи амахәла анефт амҩангара иқәиҭымуп.

Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен  Twitter аҿы ишазгәалҭаз ала, лара асанкциақәа 11-тәи апакет азы аиқәшаҳаҭхара дазыразуп.

«Путин ааха ҕәҕәа иоуеит, избанзар аекспорттә аҧкрақәа иаҳа иџьбарахоит. Асанкциақәа рывсра иазку ҳхархәага абзоурала, Урыстәыла асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауарқәа раиура ацәыуадаҩхоит», — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.