Дональд Туск - Украина ицо аибашьра амзызла ҳааԥсеит ҳәа зҳәо аполитикцәа рзыӡырҩра уаҳа исылшом
Дональд Туск - Украина ицо аибашьра амзызла ҳааԥсеит ҳәа зҳәо аполитикцәа рзыӡырҩра уаҳа исылшом

Украина ицо аибашьра амзызла ҳааԥсеит ҳәа зҳәо аполитикцәа рзыӡырҩра уаҳа исылшом, – иҳәеит Польша аԥыза-министр ҿыц Дональд Туск.

Дональд Туск иажәақәа рыла, иара иеиҳабыра мраҭашәара аҿаԥхьа идҵаны иқәнаргылоит Украина ацхырааразы амобилизациа амҩаԥгара.

“Украина ицо аибашьра амзызла ҳааԥсеит ҳәа зҳәо аполитикцәа рзыӡырҩра уаҳа исылшом. Урҭ Украина ахада Володимир Зеленски ҳааԥсеит ҳәа иарҳәоит”, – иҳәеит Туск.

Туск ишазгәеиҭаз ала Украиназы  Польша аҟынтә ацхыраара аиура аҵак ду амоуп, аха польшатәи афермерцәа ринтересқәагьы иазыԥхьагәаҭатәуп.

Дональд Туск ишааицҳаз, Бриуссель ддәықәлоит адгылаҩцәа адемократиатә хәынаӡарақәеи Украинеи рыхьчара дрыҳәарц.