Дональд Трампи Владимир Путини ҭелла реиҿцәажәара хыркәшоуп  - Путин иҳәамҭала, Урыстәыла, наҟ-наҟтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра амеморандум азы Киев  аус ацура иазыхиоуп
Дональд Трампи Владимир Путини ҭелла реиҿцәажәара хыркәшоуп  - Путин иҳәамҭала, Урыстәыла, наҟ-наҟтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра амеморандум азы Киев  аус ацура иазыхиоуп

Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини ҭелла реиҿцәажәара хыркәшоуп. Америкеи Урыстәылеи рхадацәа ҩ-сааҭк еиҳаны еицәажәон.

Аҭелтә аиҿцәажәара ашьҭахь, Владимр Путин ажурналистцәа дырҧылан, ишиҳәаз ала, дара иаартны, гәаартыла  еицәажәеит.

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, аиҿцәажәараан Дональд Трамп амца аанкылара иазкны игәаанагара иҳәеит. Владимир Путин ишазгәеиҭаз ала, амца аанкылара ҟалоит аганқәа  иашьашәалоу аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵар.

Иара убас, Владимир Путин ишиҳәаз ала,   Урыстәыла, наҟ-наҟтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра амеморандум азы Киев  аус ацура иазыхиоуп.  Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аибашьра аҟәыҵра иадгылоит, аха, аҭынчра еиқәзыршәаша ашьаҿақәа зегьы аус рыдулатәуп.

Путин ишазгәеиҭаз ала, Урыстәылеи Украинеи аганқәа зегьы ирзыфеидоу акомпромисс рыҧшаароуп.