Америка ахада Дональд Трампи Урыстәыла ахада Владимир Путини рыбжьара аҭелтә аиҿцәажәара иалагеит.
Амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.
Уаанӡа Дональд Трамп Украина ахада Владимир Зеленски ҭелла диацәажәеит.
Амедиа адыррақәа рыла, Дональд Трамп, Владимр Путин даниацәажәалак ашьҭахь, даҽазнык Зеленски дизасуеит.