Дональд Трамп – Путин арратә ацәгьауаҩ иоуп ҳәа шәҳәар, аибашьра ахыркәшаразы аиқәшаҳаҭхара иаҳа иуадаҩхоит
Дональд Трамп – Путин арратә ацәгьауаҩ иоуп ҳәа шәҳәар, аибашьра ахыркәшаразы аиқәшаҳаҭхара иаҳа иуадаҩхоит

Америка ҧасатәи ахада Дональд Трамп ателееилахәыра  „Сиенен“ аефираҿ иҽаанкыланы, Путин арратә ацәгьауаҩ ҳәа изиимҳәеит.

„Путин арратә ацәгьауаҩ иоуп ҳәа шәҳәар, аибашьра ахыркәшаразы аиқәшаҳаҭхара иаҳа иуадаҩхоит“, – иҳәеит Трамп.

Трамп иҳәамҭала,  Украина ажәылара ала Пути агха ду ҟаиҵеит. Трамп иажәақәа рыла,  иара Америка ахадас дыҟазҭгьы,  ари аибашьра ҽнакала ихиркәшон.

Аибашьраҿы аиааира згода ҳәа ажурналис даниазҵаа, Трам аҭак аҟаҵара иҭахымхеит.

„Аибашьраҿы иаиааиуа ма иаҵахо сазхәыцуам. Аҭагылазаашьа ариашароуп сзызхәыцуа. Ауаа ҭахоит,  аурысцәагьы украинаагьы. Абри зегьы аҵыхәа ҧҵәазар  сҭахуп,  сара  24 сааҭ рыла уи иҟасҵоит“, – иҳәеит Трамп.