Дональд Трамп формалла даанкылоуп
Дональд Трамп формалла даанкылоуп

ЕАШ ԥасатәи ахада Дональд Трамп формалла даанкылоуп.

Уи Ниу-Иорктәи аӡбарҭа аҿаԥхьа дықәгылеит.

Аӡбарҭахь днеиаанӡа Трам асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ҵаҟатәи Манхеттен иҟоу аӡбарҭа ахыбрахь сдәықәлоит. Ассиуреалисттә акҟарҵарц рҭахуп – сҭакра ргәы иҭоуп. Ари аАмерикаҿ шыҟало агәра згом. Америка ахьӡ азыхынҳәтәуп!» — иҩит Трамп.

Аус адетальқәа рыла, Дональд Трамп апорноаеҵәа Строми Дениелс 2016 шықәсатәи алхрақәа раан Трампи лареи реизыҟазаашьақәа атәы акгьы лымҳәарц азы, 130 000 доллар лзишәеит. ЕАШ ԥасатәи ахада ахара дақәшаҳаҭым.