«Азовсталь» ахьчаҩцәа, Владимир Зеленски ицны, Ҭырқәтәылантә Украинаҟа ихынҳәуеит
«Азовсталь» ахьчаҩцәа, Владимир Зеленски ицны, Ҭырқәтәылантә Украинаҟа ихынҳәуеит

«Азовсталь» ахьчаҩцәа урыстәылатәи атҟәараҟынтә Украинаҟа ихынҳәуеит.

Ари аинформациа алаирҵәеит  Украина ахада Владимир Зеленски.

«Ҳара, ҳфырхацәа ҳаманы, Ҭырқәтәылантә аҩныҟа ҳхынҳәуеит. Украинатәи аруаа: Денис Прокопенко, Свиатослав Паламарь, Сергеи Волынски, Олег Хоменко, Денис Шлега рҭаацәарақәа ирзыхынҳәуеит», — иҩит  Зеленски.

«Азовсталь» ахьчаҩцәа  атҟәараҟынтә рхы иақәиҭыртәит  2022 шықәса цәыббразы, иахьанӡа дара Ҭырқәтәыла иҟан. Арратә атҟәацәа реиҭныҧсахлара азы урыстәылатәи аган рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧигон Ҭырқәтәыла ахада  Реџьеп  Таип Ердоҕан.