Каха Калаӡе – Европатәи абиурократиа авизадатә режим азҵаарала ҵыхәҧҵәарада Қырҭтәыла ауааҧсыра ашантаж рзырур ҟалом
Каха Калаӡе – Европатәи абиурократиа авизадатә режим азҵаарала ҵыхәҧҵәарада Қырҭтәыла ауааҧсыра ашантаж рзырур ҟалом

Европатәи абиурократиа авизадатә режим азҵаарала ҵыхәҧҵәарада Қырҭтәыла ауааҧсыра ашантаж рзырур ҟалом, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар дара рхала аӡбара ахьрыдыркылаз азы иахьдырхәыр рҭахуп.

«Адунеиаҿ ҳара ҳаасҭа идуу аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рацәоуп. 4 миллионҩык ауааҧсыра ахьыҟоу Қырҭтәыла, ахатә ҟазшьала, ауникалтә тәылоуп, рыцҳарас иҟалаз, уи еилызкааша европауаҩкгьы дҟамлеит. Избанзар,   ақырҭуа жәлар дара рхала аӡбара ахьрыдыркылаз азы иахьдырхәыр рҭахуп. Ҳара ҳхала аӡбарақәа ҳадаҳкылоит, ҳтәыла иахәаша ҟаҳҵоит, аӡәгьы азин иаҳҭом ихатә интересқәа рзы  Қырҭтәыла ихы иаирхәарц», – иҳәеит  Каха Калаӡе.