Шанхаи имҩаҧгаз асимпозиум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнава адунеи идуӡӡоу абанк – Китаи Ааглыхра-коммерциатә банк (ICBC) ахада Лин Лао диҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.
Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Амилаҭтә банки ICBC-и рпартниорреи уи арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
«ICBC — адунеи аҿгьы Китаигьы идуӡӡоу абанкқәа иреиуп. Ари абанк активқәа 7,6 триллион доллар иаҟароуп. Абанк аус ауеит 49 ҳәынҭқаррақәа рҿы, уи жәларбжьаратәи абанктә сектор аҿы аҧхьагылара змоу афинанстә институтуп», — иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациаҿы.