Наҭиа Турнава еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә банкқәа рҿы анапхгаратә позициақәа аанызкыло аҳәса реиҧылара лхы алалырхәит
Визитла Америка иҟоу Наҭиа Турнава еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә банкқәа рҿы анапхгаратә позициақәа аанызкыло аҳәса реиҧылара лхы алалырхәит. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Адунеи абанк ала. Аиҧылараҿы дыҟан Қырҭтәыла афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Екатерина Гунцаӡегьы.
Аиҧылара алахәылацәа анаплакратә усураҿы аҳәса иаҳа рылахәызаара аиқәыршәара иазку апланқәа ирылацәажәеит.
Иара убас, анаплакратә усура иалахәу аҳәса Адунеи абанк афинансыркра рзеиқәыршәара апрограммагьы иазааҭгылеит. Наҭиа Турнава лҳәамҭала, лара ари апрограмма аҽалархәреи активла аусеицуреи дазыхиоуп.