Наҭиа Турнава – Ҳара китаитәи абанкқәа активла аус рыцаауеит дара ақырҭуа џьармыкьа иаҳа иазҿлымҳахарц азыҳәан
«Швеицариатәи ақалақь Базель визитла саныҟаз, Китаи Жәлартә банк ахада Пань Гуншен сиҧылан, ҳара Қырҭтәыла Амилаҭтә банки Китаи Жәлартә банки русеицураҿы иҟоу апрогресс ҳалацәажәеит», — илҳәеит Қырҭтыла Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнава.
Лара лажәақәа рыла, Китаи Жәлартә банки Қырҭтәыла Амилаҭтә банки амеморандум рыбжьарҵеит ақырҭуа делегациа визитла Китаи ианыҟаз.
«Швеицариатәи ақалақь Базель визитла саныҟаз, Китаи Жәлартә банк ахада Пань Гуншен сиҧылан, ҳара Қырҭтәыла Амилаҭтә банки Китаи Жәлартә банки ирыбжьарҵаз амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоу апрогресс ҳалацәажәеит. Ҳара китаитәи абанкқәа активла аус рыцаауеит дара ақырҭуа џьармыкьа иаҳа иазҿлымҳахарц азыҳәан. Иааиуа амшқәа рзы Китаи идуӡӡоу аҳәынҭқарратә ашәаратә система — CIPS ахада ивизит ҳазыҧшуп. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апрогресс ҳамоуп. Аха, ҳусеицура иаҳа ирласны аҿиара аиур ахьысҭаху ахырхарҭақәагьы иҟоуп, ҳара уигьы ҳалацәажәеит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банки Китаи Жәлартә банки амеморандум рыбжьарҵеит хәажәкыразы. Ари амеморанду ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаареи арҕәҕәареи иазкуп.