Лаша Хуцишвилии Наҭиа Турнавеи Адунеи абанк авице-ахада илҧылеит
Лаша Хуцишвилии Наҭиа Турнавеи Адунеи абанк авице-ахада илҧылеит

Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеи абанки есышықәсатәи реизарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Амилаҭтә банк ахада Наҭиа  Турнавеи Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ Адунеи абанк авице-ахада  Антонелла Басани илҧылеит.  Ари атәы аарыцҳаит Афинансқәа рминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Адунеи абанк ацхыраарала атәыла аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҿы уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи аплан иарбоу апроектқәеи ирылацәажәеит.

«Адунеи абанк авице-ахада Қырҭтәыла аус ацура аҵакы азгәаҭаны, ишылҳәаз ала, абанк ацхыраарала имҩҧаысуа апроетқәа атәыла аекономикатә аҿиара иацхраап ҳәа дгәыҕуеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Аахыҵ Кавказаҿ Адунеи абанк арегионалтә директор Роланд Праиси, афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Екатерина Гунцаӡеи, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Вахтанг Цинцаӡеи, Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭамар  Талиашвилии», — иануп Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра аинформациаҿы.