Лаша Хуцишвили – 2026 шықәсазы аминистрра агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи апрограммақәа  800 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоунашьҭуеит
Лаша Хуцишвили – 2026 шықәсазы аминистрра агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи апрограммақәа  800 миллион лари ала еиҳаны аҧара рзоунашьҭуеит

Афинансқәа рминистр  Лаши Хуцишвили иҳәамҭала, анеҩстәи ашықәс азы абиуџьет апроект аҿы агәабзиарахьчареи асоциалтә ахьчареи апрограммақәа рырҭбааразы аминистрра  800 млн лари ала иаҳа ирацәаны аҧара аиуеит.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, иаздырҳаз абиуџьет аҳәаақәа ирҭагӡаны:

  • 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәанчуаа ртәанчахә иацлоит  45 лари, зынӡа дара  495 лари атәанчахә роуеит. Ашьхаҳаракытә регионқәа рҿы ари акатегориа иаҵанакәа атәанчуаа  594 лари роуеит;
  •  70 шықәса зхымҵыц атәанчуаа ртәанчахә иацлоит 20 лари, уажәшьҭа дара 370  лари роуеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы  — 444 лари;
  • атәанчахә инаваргыланы, абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп зылшарақәа маҷу ауаа рсоциалтә цхыраара аизырҳарагьы: 18 шықәсанӡа зхыҵуа  —  45 лари рзацырҵоит, егьырҭ акатегориақәа —  20 лари;
  • асоциалтә программақәа зынӡа ирзоушьҭуп  7,0 млрд лари;
  • агәабзиарахьчара апрограммақәа ирзоушьҭуп  2,1 млрд лари еиҳаны, раҧхьатәи амедицинатә цхыраара аперсонал рџьаусҧса иацлоит жәа-наӡынак;
  • ахҵәацәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәаразы иазҧхьагәаҭоуп  240 млн лари.