Лаша Хуцишвили Китаитәи жәлартә республика афинансқәа рминистр диҧылеит
Азиатәи аинфраструктуратә инвестициақәа рбанк (AIIB) ашықәстәи аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Китаитәи жәлартә республика афинансқәа рминистр Лан Фуанс диҧылеит.
Афинансқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәеит.
„Лаша Хуцишвили иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Китаи аиҳабыра Қырҭтәыла иазаадырҧшуа адгыларазы.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла атранзиттә алшарақәа рырҕәҕәара аҵакы, ари ахықәкы анагӡаразы иакымкәа аинфраструктуратә проектқәа мҩаҧысуеит.
Аиҧылара анҵәамҭаз, аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит атәылақәа наҟ-наҟгьы активла аусеицура нарыгӡап ҳәа ишгәыҕуа.
Азиатәи аинфраструктуратә инвестициақәа рбанк (AIIB) ашықәстәи аиҧылара сынтәа Узбекистан аҳҭнықалақьаҿ, Самарканд имҩаҧысуеит, – иануп Афинансқәа рминистрра аинформациаҿы.