Лаша Хуцишвили – Уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә азҳара аиқәыршәара алшеит
Лаша Хуцишвили – Уажәтәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә азҳара аиқәыршәара алшеит
Уажәтәи агеополиткиатә ҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә азҳара аиқәыршәара алшеит, – иҳәеит Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Ацентртә Азиеи Кавкази рфинансқәа рминистрцәеи абанк хадақәа рхадацәеи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд анапхгаратә директор ихаҭыҧуаҩ Бо Ли ианиҧылоз.
Иара иажәақәа рыла, уажәазы, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа 7-8% акапиталтә харџьқәа ирызкуп, арҭ ахарџьқәа ирыҵанакуеит автомагистраль лас «Мрагылара – Мраҭашәара»-и афымцамҩангагақәеи рыргылареи егьырҭ зҵакы дуу апроектқәеи.
Афинансқәа рминистр ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәылаҿы, аҳәынҭқарратә сервисқәеи, аҧхьаӡацтә ашәахатқәеи, ахазалтә хылаҧшреи армариара ахырхарҭала акрызҵазкәа шьаҿақәа ҟаҵоуп.