Наҭиа Турнава - "Қырҭтәыла абанк" лари ала евробондқәа ҭнажьит, уи алагьы иубарҭоуп жәларбжьаратәи аинвесторцәа ақырҭуа абанктә сектор агәра шырго
Қырҭтыла Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнава «Қырҭтәыла абанк» ала 450 000 000 лари рыхә евробондқәа рҭрыжьра ибзианы дахцәажәеит.
«”Қырҭтәыла абанк” лари ала евробондқәа ҭнажьит, уи алагьы иубарҭоуп жәларбжьаратәи аинвесторцәа ақырҭуа абанктә сектор агәра шырго», – илҳәеит Наҭиа Турнава.
Лара лажәақәа рыла, амилаҭтә валиутала еврооблигациақәа рҭрыжьра атәыла афинанстә сектор аҭышәынтәалара арҕәҕәаразы зҵакы дуу шьаҿоуп.
Иара убас, лара ишылҳәаз ала, ари афакт аанарҧшуеит жәларбжьаратәи аинвесторцәа Қырҭтәыла амилаҭтә валиутала аинвестициақәа рыҟаҵара ишазҿлымҳау, уи амонетатә политика иашеи адедолларизациа аполитикеи ирыбзоуроуп.