Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит
Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит

 

Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра идиныҳәалеит.

Азербаиџьантәи аинформациатә агентра Trend  адыррақәа рыла, Али Асадов Гьаргь Гахариа адныҳәаларатә шәҟәы изиҩит.

Ашәҟәы аҟны Азербаиџьан Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, иара агәыҕра имоуп Гьаргь Uахариа аҩынтәраан аиҳабыра рнапхгаҩыс иалхра атәыла апрогресси жәларбжьаратәи апозициақәа рырҕәәҕареи, азербаиџьан-ақырҭуа стратегиатә партниорра арҭбаареи иацхраап ҳәа.

Азербаиџьан Аҧыза-министр Али Асадов Гьаргь Гахариа иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.