Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Абырфынтә мҩа Қарҭтәи афорум аҽалархәразы Қырҭтәыла иаҭааиз Азербаиџьантәи ареспублика  аҧыза-министр Али Асадов диҧылеит. 

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Азербаиџьани рстратегиатә партниорреи наҟ-наҟ арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи иалацәажәеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи Азербаиџьанынтә ишиашо аинвестициақәа рымҩаҧара аганахьала иҟоу апотенциали иазааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Азербиаџьани еицынарыгӡо арегионалтә проектқәа рҵакы. Аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, арҭ апроектқәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара игәрагоу астратегиатә партниорра аганахьала иҿырҧшыгоуп. Хшыҩзышьҭра азун аимадара аиқәыршәареи Абжьаратә корридор арҿиареи аҵаки ари ахырхарҭала Қырҭтәыла инанагӡо ароли. 

Иракли Кобахиӡе азербаиџьантәи иколлега изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара ацхраара анагӡара ишазыхиоу.