Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Азербаиџьантәи ареспублика атәылахьчара аминистр Зақир Ҳасанов диҧылеит.
Аиҧылараҿы ҩ-ганктәии, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аусеицура иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра аҩаӡара ҳараки атәылахьчара аусхкы аҿы аусеицуеи.
Хшыҩзышьҭра азун арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы.
Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани.