Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов  «Абырфынтә мҩа» қарҭтәи афорум аҿы дықәгылоит
Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов  «Абырфынтә мҩа» қарҭтәи афорум аҿы дықәгылоит

Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов  «Абырфынтә мҩа» қарҭтәи афорум аартра аофициалтә церемониа ихы алаирхәоит, иара убас, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа  дрыцны, зыҩаӡара ҳараку адиалог ихы алаирхәоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәылеи Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра.

Аекономика аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, «Абырфынтә мҩа» қарҭтәи афорум мҩаҧысуеит жьҭаара 22–23 рзы. Афорум рхы аладырхәоит  2000ҩык раҟара аделегатцәа. Ари афорум арегионалтәи аглобалтәи аимадарақәа рырҕәҕәара иазку адиалоги аусеицуреи рзы зҵакы дуу платформоуп.

«Абырфынәт мҩа» мҩа афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны,  раҧхьаӡа акәны,  жьҭаара 23 рзы имҩаҧысуеит Қарҭтәи афинанстә саммит,  ари аусмҩаҧгатә зеиҧшҟамлац амҽхак амазаауеит. Асаммит еиҿыркаауеит Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрреи,   Амилаҭтә банки,  Сингапур иҟоу аиҿкаара  Global Finance and Technology Network (GFTN)-и.

«Абырфынтә мҩа» қарҭтәи афорум раҧхьаӡа акәны имҩаҧган  2015 шықәсазы.