Қырҭтәылеи Азербаиџьани рҧыза-министрцәа Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ахыбра иахьдыргыло адгьылҭыҧ рбеит
Азербаиџьантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ахыбра дыргылоит.
Бақәа агәҭаны, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аргыларазы 3450 аквадраттә метр аҵакырадгьыл Қырҭтәыла иарҭеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ари аҵакырадгьыл анибоз, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ицын Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадови аиҳабыра алахәылацәеи.
Азербаиџьантәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ахыбра аргылара иалагоит хара имгакәа.