Али Асадов – Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа азербаиџьанцәеи ақырҭуааи аиҩызареи аҭынчреи рыбжьан, абарҭ аҭоурыхтә адацқәа рышьаҭалоуп ҳкультуратә аимадарақәа шышьақәгылаз
Али Асадов – Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа азербаиџьанцәеи ақырҭуааи аиҩызареи аҭынчреи рыбжьан, абарҭ аҭоурыхтә адацқәа рышьаҭалоуп ҳкультуратә аимадарақәа шышьақәгылаз

«Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа азербаиџьанцәеи ақырҭуааи аиҩызареи аҭынчреи рыбжьан, абарҭ аҭоурыхтә адацқәа рышьаҭалоуп ҳкультуратә аимадарақәа шышьақәгылаз», — иҳәеит Азербаиџьан аҧыза-министр Али Асадов Геидар Алиев ихьӡ зху Қарҭтәи азербаиџьантәи аҳәынҭқарратә драматә театр аргылара аартраан.

Асадова ишиҳәаз ала, иара агәра ганы дыҟоуп ари атеатр Қарҭ ишарҧшӡо, уи Қырҭтәыла аҳҭнықалақь акультуратә ценрс ишыҟало.

«Геидар Алиев ихьӡ зху абри ацентр аргылара ашьаҭа акра ацеремониа  даҽа хҭыск иақәшәоит, сынтәа ҳара азербаиџьан жәлар рлидер Геидар Алиев  100 шықәсатәи иубилеи азгәаҳҭоит. Геидар Алиев иубилеи инамаданы Қырҭтәыла еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа мҩаҧган. Хаҭала сареи Азербаиџьан аиҳабыреи ҳахьӡала Иракли Ҕарибашвилии, Қырҭтәыла аиҳабыреи, ақырҭуа жәлари ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳмилаҭтә лидер абас пату иқәҵаразы.

Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Азербаиџьангьы Қырҭтәыла иалкаау ауааҧсыра ҷыдала пату шрықәаҳҵо. Уажәааны, Гианџьа ақалақьаҿ, Николоз Бараҭашвили дахьынхоз, аус ахьуаз аҩны аҧхьа, ақырҭуа поет ду имемориалтә ҕәы аартын.

Иара убас, Азербаиџьан Кахтәи араионаҿ иҟоу Ақырҭуа аҳәынҭқарратә драматә театр ақырҭуа усзуҩ дуӡӡа Илиа Ҷавҷаваӡе ихьӡ ахуп», — иҳәеит Асадов.