Азербаиџьантәи аган рдыррақәа рыла,  Али Асадови Иракли Кобахиӡеи  аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳала иалацәажәеит
Азербаиџьантәи аган рдыррақәа рыла,  Али Асадови Иракли Кобахиӡеи  аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳала иалацәажәеит

Азербаиџьантәи аган рдыррақәа рыла, атәыла аҧыза-министр Али Асадови Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи  аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иалацәажәеит.

Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Али Асадов иҳәамҭала, азербаиџьантәи аган ари арыцҳара алҵшәақәа раҧыхреи, аҧшаара-аиқәырхаратә операциа амҩаҧгареи ацхраареи аҭыҧашҟа иашьашәалоу аперсонал адәықәҵареи иазыхиоуп.

АИХқәа рдыррақәа рыла, ақырҭуа аган абри аҩыза адгыларазы ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәарҭаз ала, уажәы аҭыҧаҿ аус руеит Қырҭтәыла иашьашәалоу аусбарҭақәа.

Ари арыцҳара иадҳәаланы, аҩ-ганк рструктурақәа еиҧҟьарада аимадара рыбжьоуп.